Print this page
вчера 5:02

Аицлабратә комиссиа 2025 шықәсазы имҩаԥгаз ахықәкытә программа «Ақыҭанхамҩа аҿиара» анагӡаразы аҳасабырба ҟанаҵеит

2025 шықәсазы ареспубликатә биуџьет аҟынтәи ахықәкытә программа «Ақыҭанхамҩа аҿиара – 2025» анагӡаразы иазоужьын 150 млн мааҭ. Урҭ рҟынтәи рхы иадырхәеит 149,7 млн. мааҭ.

Аҵиаақәа рыхәышәтәразы ахәшәқәа (ахимиатә маҭәашьарқәа) раахәареи, ақыҭанхамҩатә дгьылқәа рҟны аԥхасҭа зырҿио ахәаҷа-маҷақәа рышьреи рзы иазоужьын 9,7 млн мааҭ, 4 800 литрак афунгицид «Винтаж» аахәан.

Иаахәаз ахимиатә маҭәашьарқәа араионқәа рхадарақәеи ақыҭанхамҩатә наплакқәеи рахь еихшан. Арҭ ахәшәқәа рхархәарала аус адулан 7 нызықь га инареиҳаны ақыҭанхамҩатә дгьылқәа.

2025 шықәсазы аицлабратә комиссиа 343-ҩык алахәылацәа рыпроектқәа адгылара рырҭеит, уи иартәеит 142 млн мааҭ.

Гагра араион аҿы аа-проектк адгылара арҭеит, уи иартәеит 3,7 млн. мааҭ;
Гәдоуҭа араион аҿы 97 проект адгылара арҭеит, уи иартәеит 35,3 млн. мааҭ;
Аҟәа ақалақьи Аҟәа араиони рҿы 23 проект адгылара арҭеит, уи иартәеит 10,7 млн. мааҭ;
Гәылрыԥшь араион аҿы 19 проект адгылара арҭеит, уи иартәеит 7,8 млн. мааҭ;
Очамчыра араион аҿы 164 проект адгылара арҭеит, уи иартәеит 66,6 млн. мааҭ;
Ҭҟәарчал араион аҿы 21 проект адгылара арҭеит, уи иартәеит 9,1 млн. мааҭ;
Гал араион аҿы 11 проект адгылара арҭеит, уи иартәеит 8,8 млн. мааҭ.


Read 137 times - Ахәаша, 06 Хәажәкыр 2026 16:22