Еицырдыруа иҩымҭақәа иреиуоуп ароман-аепопеиа «Сандро Чегьамтәи», аповест «Ажьақәеи амаҭқәеи», уҳәа ирацәаны. Фазиль Искандер ибжьы аепоха иабжьхеит, культуратә лашарбаганы даанхоит ирҿиара абзиабаҩцәа зегьы рзы.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы ашәҟәыҩҩы ирҿиара ишеиҷаҳауа дазааҭгылеит аурыси аҳәаанырцәтәи литературақәа рҭоурых акафедра арҵаҩы Елена Кобахьиа, Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәоз.
