Арра-ҳаиртә мчқәа ринрал-леитенант Адгәыр Гәымба иажәақәа рыла, «иацуха ажәҩанаҿы ирбеит 30 инарзынаԥшуа аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа».
Акомандаҟаҵаҩ иазгәеиҭеит, аҳауатә ҵакыра ахьчаразы аусура Урыстәылатәи Афедерациа арбџьармчқәа алархәны иааиԥмырҟьаӡакәа уахи-ҽни ишымҩаԥысуа.
«Иацы, хыԥхьаӡара рацәала аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа Аԥсны аҳауатә ҵакыраҿы иаҳбеит, уаанӡагьы игәаҳҭахьан 5–7 цыра рҟынӡа, урҭ рыхәҭак кажьын, аха ашәара ҟамларц азы аӡбахә цәыраҳгомызт. Иахьа, ауааԥсыра реиланхарҭақәа рҿы аԥҽыхақәа шкаҳаказ анырба, иуҵәахыша ҳәа акгьы ыҟам: Аԥсни Урыстәылеи рырратә мчқәа русеицура мҩаԥысуеит», — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Адгәыр Гәымба.
Аинрал иазгәеиҭеит аӷацәа
аԥшыхәратә усмҩаԥгатәқәа шымҩаԥыргозгьы, атәыла аҵакыраҿы иҟоу аобиектқәа хықәкыс ишрымамыз. 30 инарзынаԥшуа аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рҟынтәи 99% кажьын. Аԥҽыхақәа ԥшаан 11 еиланхарҭа ҭыԥ рҿы.
«Аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ԥыржәон аракетақәа, акәалӡԥҽыга хқәа, мамзаргьы арадиоелектронтә ҿагыларатә хархәагақәа рыла. Ҳаруаа рҽазыршәоит изеихсны иԥыржәо аԥрыгақәа рыԥҽыхақәа аиланхарҭақәа рҿы икамҳарц. Иацы аԥҽыхақәа руак звольт ҳараку афымцамҩангага цәаҳәа ааха анаҭеит, аха афымцалашара ирласны еиҭашьақәыргылан», – ҳәа адырра ҟаиҵеит акомандаҟаҵаҩ.
Атәылахьчара аминистрра атәылауаа иҭабуп ҳәа рарҳәеит иаадырԥуа агәаҽанызаарази ианаамҭоу аинформациа ахьрырҭази азы. Ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟарҵеит ашәарҭадаразы агәҽанызаара рымазарц.
Икаҳаз аԥҽыхақәа 25–30 метра рҟынӡа рааигәара анеира азин ыҟаӡам.
Аԥрыгақәа ирҭазар ауеит артҟәацгақәа, урҭ еиҭаугарц, ма инаурҳәырц уалагар иԥжәар алшоит.
Аԥҽыхақәа аныԥшаахалак акәшамыкәша уаҩы днашьҭтәым, иаразнак иццаку амаҵзурақәа адырра рыҭатәуп.
«Атәылахьчара аминистрра ари аҭагылазаашьа хылаԥшра анаҭоит, анапаҵаҟа иҟоуп», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Гәымба.
