Print this page
сегодня 18:52

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсны аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь имемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭеиҵеит

Иахьа Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь иԥсы ҭазҭгьы 77 шықәса ихыҵуан.

Џьгьарда ақыҭан иҟоу амемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр Владимир Делба, Жәлар Реизара адепутатцәа, атәыла анапхгара, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.


Read 52 times