Аҟәа.  Жьҭаарамза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Адоктор Шаталов ихьӡ зху Арегионалбжьаратәи зтехнологиа ҳараку абла амикрохирургиа адиагностикатә комплекс 15 усуратә мшы рыла 1287-ҩык рыблабара адиагностика мҩаԥыргеит, ҳәа иаанацҳауеит атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура. 
Зегьы реиҳа ауаа рыблабара гәарҭеит цәыббрамза 27 - 29 рзы Очамчыра ақалақь аҿы– 250 – ҩык.
Очамчыра араион Кындыӷ, Тамшь, Кәтол, Ҷлоу ақыҭақәа рҿы  цәыббрамза 30 инаркны жьҳаарамза 2-нӡа 195-ҩык апациентцәа рыблабара гәарҭеит.
Ҭҟәарчал ақалақь аҿы жьҭаарамза 3 – 5 рзы  292-ҩык апациентцәа рыблабара адиагнотика мҩаԥган.
         
        
                
        
            
Гал ақалақь аҿы жьҭаарамза 6 – 7рзы  15 -- ҩык апациентцәа рыблабара адиагнотика мҩаԥган.   
Цандрыԥшь аҳаблаҿы жьҭаарамза 17 рзы игәарҭеит  110-ҩык.
Гагра ақалақь аҿы жьҭаарамза 18 - 19 рзы игәарҭеит 180 -ҩык. Жьҭаарамза 20 рзы Пицунда ақалақь аҿы рыблабара адиагностика иахысит   109-ҩык.
Аиҳараҩык апациентцәа рҿы иаарԥшын катаракта, гиперметропиа (ахарабара),  миопиа (хара амбара), астигматизм, пресбиопиа, глаукома ҳәа изышьҭоу аблачымазарақәа. Ахирургиатә хәышәтәра зҭаху абла акаҭара апаталогиа иадҳәалоу ачымазарақәа аарԥшын.