Print this page
28.Жәабран.2026

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников диԥылеит

Аиԥылара мҩаԥысуеит Аԥсны Ахада Иусбарҭаҿы. Аиԥылара аартуа Гәынба иҳәеит:

«Ҳара еицынаҳагӡо апроектқәа алҵшәа бзиа аадырԥшуеит.
Аҩаӡара ҳаракы аҿы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара еиуеиԥшым аусеицура мҩаԥысуеит. Хықәкы хадас иҳамоуп, арҭ аизыҟазаашьақәа рыҿиаразы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара».

«Ҳтәылақәа рыбжьара иҟоу аизыҟазаашьақәа еиҳа-еиҳа рыҽдырӷәӷәоит, уи ҳтәылауаа реизҳазыӷьара иазырхоуп, иамҽханакуеит ашәарҭадареи, асоциалтә ҿиареи, аекономикеи реиԥш иҟоу ихадоу ахырхарҭақәа. Арҭ ахырхарҭақәа акыр шықәса рыҩныҵҟа аус рыдаҳулоит, анаҩсгьы урҭ рырҿиаразы ашьаҿақәа ҟаҳҵалоит», – иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Уи Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников иҭабуп ҳәа иеиҳәеит хра злоу аусеицуразы.


Read 41 times - Асабша, 28 Жәабран 2026 20:29