Print this page
23.Жәабран.2026

Мшаԥымза 18, 2026 шықәсазы алхратә ҭыԥ хадақәа №30 (Кәтолтәи), №44 (Тҟәарчалтәи аҩбатәи) рҿы Жәлар Реизарахь аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит

Ари аҩыза аӡбара рыдыркылеит жәабранмза 23 рзы, Алхратә комиссиа хада аилатәараҿы.

Алхратә комиссиа хада алахәылацәа, иарбоу алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы аиҭалхрақәа рҽазыҟаҵареи рымҩаԥгареи рзы аусмҩаԥгатәқәа рыплан шьақәдырӷәӷәеит.

Жәабранмза 19 рзы Жәлар Реизара адепутатцәа рыбжьы рҭиит Вахтанг Гәаланӡиеи Герман Каҷарааи рзин мчы аанкыларазы.


Read 304 times