«Аԥсны есымшагьы инхон еиуеиԥшим аетникатә культура иаҵанакуа ауааԥсыра, урҭ еснагь апатуеиқәҵара рыбжьан. Сгәаанагарала ҳара ҳаилазаараҿы иҳараку аилибакаареи аҳаҭырбареи ҳамоуп. Ҳаԥсадгьыл аизҳа-зыӷьаразы, аҿиаразы ҳапатуеиқәҵара зеиԥш насыԥуп, еихьӡара дуӡӡоуп», — ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба.
Иара убас, иазгәеиҭеит, аҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы аерманцәа рхеилак алагала ду шыҟанаҵаз: «Зегь раԥхьаӡа иргыланы, атәыла аизҳазыӷьаразы аџьабаа збоу милаҭуп, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп: аҵарауаа, арҵаҩцәа, аҳақьымцәа, ақыҭауаа, жәаҳәарада, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа».
