Апассаџьырцәа ршәарҭадареи, анаҩс аинфраструктура ааха амоурци рзы адәыӷбақәа рныҟәара аамҭала иаанкылан.
Москва – Аҟәа ахырхарҭала иаауаз апассаџьыртә дәыӷба Цандрыԥшь иаангылеит. Еиԥҟьарада аимадара аиқәыршәаразы, Аԥсны аихамҩа аусзуҩцәа автобусқәа рыла ауааԥсыра рныҟәара еиҿыркааит.
Афымцадәыӷба «Диоскуриагьы» Цандрыԥшь иаангылеит.
Уажәтәи аамҭазы Аԥсны аихамҩа аусзуҩцәа амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра иаҿуп. Аихамҩатә еимадара иаарласны еиҭашьақәыргылахоит.
