Print this page
сегодня 15:56

Азакәанԥҵареи азинхьчареи рҭагылазаашьа иазку Апрокуратура аколлегиа аилатәара мҩаԥысуеит Аҟәа

2025 шықәсазы апрокуратура аусбарҭақәа русура аихшьалақәа ҟарҵоит, азакәанԥҵареи азинхьчареи рҭагылазаашьа иазааҭгылоит Апрокуратура аколлегиа аилатәараҿы.

Аилатәара иалахәуп: Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, Жәлар Реизара Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Фазлыбеи Аҩӡба, Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Рауль Лолуа.

Ажәахә хада ҟаиҵеит апрокурор хада Адгәыр Агрба. Иара иазгәеиҭеит иҳаҩсыз ашықәс азы ашәҟәы ишҭагалаз 636 цәгьоура, уи 2024 шықәсазы аасҭа 50 цәгьоура рыла еиҳауп.

«Ацәгьоурақәа рхыԥхьаӡара еизҳаит Аҟәа ақалақь аҿы», – иҳәеит Агрба.


Read 115 times - Ахаша, 18 Жәабран 2026 13:46