Аҭҵаарадырраҿы шьарда илиршахеит. Иҭижьхьеит акымкәа-ҩбамкәа ашәҟәқәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп «Иусумҭақәа реизга» (быжьтомкны). Гь. А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ианашьоуп.
Аԥсны Жәлар Реизара адепутас далырххьеит хынтә. Дыҟан Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабыс.
Ианашьоуп «Ахьӡ-Аԥша» аорден актәи аҩаӡара.
