Рашь Хәытаба иԥсҭазаара зегьы аспорт иазкуп. Уи ихатәы мҩа хациркит Гәдоуҭатәи аспорттә школ аҟны. Раԥхьатәи зыҟаҵаҩыс диман Аԥсны зҽаԥсазтәы азыҟаҵаҩ Ӡыкә Бениа.
Аԥсны аспорт арҿиаразы Рашь Хәытаба ианашьоуп «Ахьӡ-Аԥша» аорденн ахԥатәи (2015) аҩбатәи (2018) аҩаӡарақәа.
