Ахәаша, жәабранмза 6 рзы атехника ҷыда ахархәарала Искандери Агәмааи рымҩеихдаҿы икажьу агәам арыцқьара иаҿуп.
Аусбарҭа №3 аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Роман Габелиа иажәақәа рыла, атәылауаа иахьахәҭам аргыларатә гәамсам карыжьуеит, убри аҟнытә атехника ҷыда адгаланы, ааигәа-сигәа инхо ауаа рыцхыраарала арыцқьара мҩаԥгатәхоит.
