Аминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Иракли Ҭыжәба иазгәеиҭеит Елчин лықәгылара ахцәажәара ду шцәырнагаз, Аԥсны абжьы ҿацаӡа жәларбжьаратәи аренаҿы агара шалнаршаз.
Атәыла аинтересқәа рыларҵәараҿы ллагала ду азы, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц иҟынтәи, Елчин Аӡынба иланашьан аџьшьаратә шәҟәы.
Иара убас, ирылацәажәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет астудентцәа рзы Елчин имҩаԥылгаз аворкшоп алҵшәақәа.
Ишьҭыхын аԥсуа жәлар рзинқәа рыхьчареи жәларбжьаратәи афорумқәа рҿы иалахәу аԥсуа експертцәа рхыԥхьаӡара аизырҳареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа.
