Print this page
20.Жьҭаара.2022

ЖЬҬААРАМЗА 22 РЗЫ АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИМҨАԤЫСУЕИТ АҚЫҬАНХАМҨАТӘ ХӘААХӘҬРАТӘ ЦӘЫРГАҚӘҴА.

Аҟәа.  Жьҭаарамза 20, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Жьҭаарамза 22 азы, асааҭ 11:00 рзы Аҟәа ақалақь, Ахақәиҭра Ашҭаҿы Аԥсны иаарыху ақыҭанхамҩатә аалыҵ ахәаахәҭратә цәыргақәаҵа мҩаԥгахоит.  

Аԥснытәи афермерцәа раалыҵ аӡыргареи аҭиреи рзы алшара роуеит, Аԥсны ауааԥсыреи асасцәеи ақыҭанхамҩатә аалыҵ аархәар ҟалоит, иара убас анаҩстәи аусеицуразы аарыхыҩцәеи дареи ишиашоу аимадара рыбжьарҵартә еиԥш алшарақәа рзаԥҵахоит.

Ахәаахәҭратә цәыргақәҵа аҿы ауааԥсыра ирыдгалахоит: аҭыԥантәи ашәырқәеи ауҭраҭыхи, аҩны иҟаҵоу аҩы, ашәырҩақәеи ашәыреиларшқәеи акомпотқәеи, анапҟазаратә аалыҵқәа, ахшхарҵә аалыҵқәа, уҳәа убас иҵегьы.

Аусмҩаԥгатә аиҿкаара ахахьы иагеит ауаажәларратә еиҿкаара «Аԥсабара», убри аан ацхыраара ҟанаҵеит Автономтә икоммерциатәым аиҿкаара «Ақыҭанхамҩеи ақыҭеи рыҿиара Ацентр».

Ахәаахәҭратә цәыргақәҵа алахәылацәеи уи иаҭаауа асасцәеи рзы иара убас амузыкалтә программеи ахәыҷқәа рзы ақәгыларақәеи еиҿкаахоит.   

 


Read 426 times - Аԥшьаша, 20 Жьҭаара 2022 16:20