Агәрагара уадаҩуп «ари авертолиот аихсра аибашьратә хықәкы иахҟьазар ҟалоит» ҳәа зҳәаз Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы змоу ауаҩы ахьиакәу. Ԥхынҷкәынмза 14, 1992 шықәса Аԥсны аҭоурых аҿы зегь реиҳа итрагедиатәу рыцхәуп, ӷьашьа змам ҳажәлар рыхәрақәа иреиуоуп. Дарбанзаалакгьы Аԥсны иқәынхоу ибла ихгылоит зыԥсы шҭаз иблыз ахәыҷқәа, зцәа зтәымыз аҳәса, абыргцәа.
Сгәаанагарала Ибрагим Иаганов иажәақәа рыла акгьы зхарамыз ахәыҷқәа, аҳәса, абыргцәа, ргәалашәара лаирҟәит, Аԥсны атәылауаа ргәы ихәит. Ҳарҭ зегьы знымзар-зны ҳадунеи ҳаԥсахуеит. Иреиҳәозеи усҟан Ибрагим Иаганов ицеибашьуаз иҩызцәа, шәҩыла ҳашьцәа-хатәгәаԥхарала еибашьра иааз, зыԥсы ҭаны иблыз амаалықьцәа?
Лаҭатәи атрагедиа иалаӡыз рыуацәеи рҭынхацәеи арҭ ажәақәа дырҩегьых имӷьаӡо рыхәрақәа аанартит, ҳәашьа змам ахьаа рзаанагеит. Ари атрагедиа иалаӡыз, ахәыҷқәа, аҳәса, абыргцәа Аԥсны жәлар ргәалашәараҿы наунагӡа иаанхоит».
