Print this page
31.Ажьырныҳәа.2026

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба «Аԥсныпресс» аколлектив уи аԥҵара амш рыдиныҳәалеит

«Ҳаҭыр зқәу Манана Михаил-иԥҳа!

Ҳаҭыр зқәу «Аԥсныпресс» амаҵзура аколлектив!

Ишәыдысныҳәалоит ҳтәылаҿы ихадоу аинформациатә маҵзурақәа руак 31 шықәса ахыҵра.

Арҭ ашықәсқәа зегьы шәара Аԥсны имҩаԥысуа ахҭысқәа шәырзааҭгылоит, атәыла аинформациатә еилазаара ашьақәгылараҿы шәлагала дууп.

«Аԥсныпресс» агәрагареи аҳаҭыри зцу маҵзуроуп, уи еиднакылоит ззанааҭдырра ҳараку, зусура ҭакԥхықәрала иазнеиуа аколлектив.

Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит гәыкала шәусуразы, иалышәхыз амҩа шәахьацәхьамҵуазы».


Read 27 times