«2025 шықәсазы аҳаирбаӷәаза аҵакыраҿы анхамҩатә усура мҩаԥызгоз рҟынтәи ашәахтә лагалақәа 184 млн. мааҭ инаӡеит, мамзаргьы азеиԥш хашәалахәы аҟынтәи 54%», - иҳәеит иара.
2025 шықәсазы араионтә биуџьет ахашәалахәқәа рыплан 107% нагӡоуп. Араион абиуџьет иалагалахеит 563,5 млн мааҭ, планла иарбаз 527,4 млн мааҭ акәын.
Араион ахатәы хашәалахәы 340 млн мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Уантәи 58% - ахашәалахәытә шәахтә, 28% - ахашәалахәы азы ашәахтә.
