Print this page
19.Жьҭаара.2022

АКУЛЬТУРА АМИНИСТРРА АРКАДИ АРШБА ИԤСҬАЗААРА ДАХЬАЛҴЫЗ ИНАМАДАНЫ ИУАЦӘЕИ ИҬЫНХАЦӘЕИ ИРЫДЫШШЫЛОИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Акультура Аминистрра Аԥсны аҳәынҭқарратә зҽаԥсазтәыз жәлар рыкәашареи рышәаҳәареи ансамбль ԥыхьатәи асолист, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Аркади Ҷыҷыкәа-иԥа Аршба иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы иуацәеи иҭынхацәеи гәалсра дула идышшылоит.  

Аркади Ҷыҷыкәа-иԥа иԥсҭазаара зегьы аҟазара амаҵ азура иазикит, бзиа ибоз изанааҭ ламысцқьада дазнеиуан. Уи игәалашәара лаша наунагӡа иколлегацәа, изааигәаз, дыздыруаз зегьы ргәаҵаҿы иаанхоит.


Read 433 times - Аԥшьаша, 20 Жьҭаара 2022 14:18