Print this page
вчера 6:52

Аберқыҭ (анкьа Папынрхәа) ацҳа ҿыц хырҵоит.

Абри азы адырра ҟаиҵеит Гал араион ахада Константин Ԥлиа.

Ацҳа ахҵара аҭахны иҟалеит ҽаҩраҭагалантәи аӡхыҵра ашьҭахь.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла ашәарҭадаразы Афедералтә маҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭа ацхыраарала цҳак шьақәыргылоуп. Аха аҩбатәи ацҳа аҟамзаара ақыҭауаа ауадаҩрақәа рызцәырнагоит.

Ари азҵаара аӡбаразы аҭыԥқәа рахь идәықәлеит Шьаҭанкыла Аргыларазы Аусбарҭа аусзуҩцәа. Иаарласны урҭ аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥыргоит.


Read 155 times - Аҩаша, 20 Ажьырныҳәа 2026 17:03