Print this page
16.Ажьырныҳәа.2026

2026 шықәсазтәи асоциалтә бгаԥсеи аџьа ахьчареи рзы Афонд абиуџьет 277 млн. мааҭ еиҳауп.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 16, 2026 шықәса. Аԥсныпресс. 2026 шықәсазтәи асоциалтә бгаԥсеи аџьа ахьчареи рзы Афонд абиуџьет 277 млн. мааҭ еиҳауп.

Афонд ахарџьқәа реиҳарак асоциалтә программақәа рфинансыркреи аматериалтә цхыраагӡатәқәа ршәареи иазырхахоит.

Убас:
• аамҭала аусурада иҟоу рзы – 25 млн. 268,5 нызықь мааҭ;
• зцәа зтәым аҳәсеи асаби ииреи рзы – 55 млн. мааҭ;
• амадусбарҭақәа рҿы ашәҟәы иҭагалоу зцәа зтәым аҳәса рзы –
600 нызықь мааҭ;
• ахәыҷы иира аан – 52 млн. мааҭ;
• ахәыҷы шықәсыки бжаки ихыҵаанӡа ибаразы – 50 млн. мааҭ;
• аԥсыжразы – 700 нызықь мааҭ;
• аусзуҩцәеи урҭ рҭаацәеи рзы асанатор-курорттә хәышәтәреи
арзҩыдареи рзы – 27 млн. мааҭ;
• ахәыҷқәа рырзҩыдара азы – 35 млн. мааҭ.


Афонд аппарат аусура иазырхоу ахарџьқәа, ауалафахәы ашәара уахь иналаҵаны – 31 млн. 456,3 нызықь мааҭ. 2026 шықәсазы Афонд абиуџьет ахашәалахәытәи аныхтәи ахәҭақәа 2025-тәи ашықәс иаҿырԥшны 20 % рыла еизырҳауп.


Read 124 times - Ашәахьа, 19 Ажьырныҳәа 2026 15:22