Аҳәынҭстандарт аганахьала ас еиԥш абжьгара ҵаҵӷәыс иаиуит:
– ЗҲәА «Нестле Россия» хатәгәаԥхарала иҟанаҵаз азыҳәа ахҟьеит адәныҟантәи иааго аӡа ахаҭабзиара ахылаԥшра арӷәӷәара. Ас еиԥш аӡбамҭа рыдыркылеит ахыхьчаратә уснагӡатә аҳасабала, избанзар, иаагоу аӡа ацереулид атоксин (арахидонтә ҵәыҵәыра) алазар ҟалоит ҳәа ашәарҭара ыҟоуп.
– Урыстәыла ахархәара ахылаԥшра Аусбарҭа (Роспотребнадзор) иарбоу аалыҵ Урыстәылатәи Афедерациаҟа аагареи ахархәареи рзы аамҭала аԥкрақәа аланагалеит.
– Иарбоу атоксин злоу аалыҵ ахархәара афатә зԥырхагахаз, мамзаргьы аллергиа еиԥшу асимптомқәа (агәыхынҳәра, амгәахасра) цәырнагар алшоит. Ахархәаразы ирабжьарымго аалыҵ иақәшәоит атауарқәа конкретла абарҭ апартиақәа:
- • NAN® 1 OPTIPRO® (400 г, 800 г, 1050 г) – иконкрету кпартиақәа, иаагозар, 51510346AB, 51490346AA, уҳәа егьырҭгьы.;
- NESTOGEN® КОМФОРТ PLUS (600 г) – апартиақәа 5124080611, 5125080611, уҳәа егьырҭгьы.
- NAN® SUPREME (400 г, 800 г) – апартиақәа 52790742C1, 52750742F1;
- NAN® 2 OPTIPRO® (400 г, 800 г, 1050 г) – иконкрету апартиақәа.
- NAN® АХАРҴӘЫТӘ 400 г – апартиақәа 51220017A2, 51230017A1.
- PRENAN® (400 г) – апартиа 52560346AA. ALFARÉ® AMINO (400 г) – иконкрету апартиақәа.
- NAN® АЛАКТОЗА ЗЛАМ (400 г) – апартиақәа 51400346AA, 51410346AA.
Шьҭахьҟа ааԥхьара иаҵанакуеит 2025 шықәса мшаԥы 15 инаркны абҵара 27 рҟынӡа иҭыжьыз хыхь иарбоу иконкрету апартиақәа мацара. Абрендқәа «Nestlé» иатәу ахәыҷқәа рыфатәқәа егьырҭ апартиақәеи егьырҭ аалыҵқәеи уахь иаҵанакӡом.
Аԥсны Аҳәынҭстандарт иарбоу аалыҵ ала ахәаахәҭра аԥхьырҟәҟәаара иазкны аҩныҵҟатәи аџьармыкьеи аҳәаа аҿгьы иахәҭоу агәаҭаратә усмҩаԥгатәқәа еиҿнакаауеит. Иарбоу аалыҵ атәыла алагалара аанкыларазы абжьгарақәа аҳәаахьчаратә ҭыԥқәа ирзышьҭуп, атәылаҿы ааалыҵ алгаразы ареидқәа мҩаԥысуеит. Аԥсны Аҳәынҭстандарт атәылауаа рахь ааԥхьара ҟанаҵеит 2025 шықәса мшаԥы 15 инаркны абҵара 27 рҟынӡа иҭыжьыз абрендқәа «Nestlé» иатәу ахәыҷқәа рыфатәқәак аарымхәаларц, анхамҩатә усура мҩаԥызго асубиектқәа ахархәаҩцәа ршәарҭадара алыршаразы зыԥшра ҟамҵакәа иарбоу аалыҵ зегьы ахәаахәҭра ааныркыларц, ашьҭаҵарҭақәа рҟынтәи идәылыргарц.
Аҳәынҭстандарт ауааԥсыра агәҽанызаара аадырԥшларц, иарбоу абренд аалыҵ аахәараан хшыҩзышьҭрала уи аҭра иарбоу ианҭрыжьыз арыцхәи ахархәара аҽҳәареи гәарҭаларац азы ааԥхьара ҟанаҵоит.
