Аиԥылараҿы ирылацәажәеит иҳаҩсыз 2025-тәи ашықәс азы аусуреи уи алҵшәақәеи атәыла асоциал-економикатә ҿиара иазырханы инагӡаз ауснагӡатәқәеи рзы инарҭбаау аихшьаалатә ҳасабырба аиқәыршәара азҵаара.
Ирылацәажәеит астатистикатә ҳасабырбара ашьақәыргылара иадҳәаланы ицәырҵыр зылшо ауадаҩрақәеи урҭ рынагӡаразы имҩаԥгатәу аусмҩаԥгатәқәеи.
Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан аелектронтә усшәҟәқәа реикәыршареи астатистикатә ҳасабырбара амҩаԥгараан аилагарақәа рзы административтә ҭакԥхықәра арӷәӷәареи иадҳәалоу азҵаарақәа.
Владимир Делбеи Кама Гогиеи иара убас 2030 шықәсазы имҩаԥысраны иҟоу Аԥсны ауааԥсыра ашәҟәы рынҵара аҽазыҟаҵара аетапқәа ирылацәажәеит.
