Иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭазы аекспорт ҳасабла идәықәҵан 36 912 тонна амандарина.
Асезон алагалара инаркны иара убас иалганы идәықәҵан:
- 1 266 тонна афеихоа (1 098 тонна - 2024 ш.),
- 509 тонна ахәырма (248 тонна - 2024 ш),
- 923 тонна алимон (407 тонна - 2024 ш.),
- 302 тонна апаҭырқал (251 тонна – 2024 шықәсазы).
Аԥсны ақыҭанхамҩа Аминистрра адыррақәа рыла, асезон нҵәаанӡа иазԥхьагәаҭоуп експорт ҳасабла адәықәҵара 33 нызықь тонна аԥснытәи амандарина.
