Print this page
14.Ажьырныҳәа.2026

Аԥсуа иумор иҿыцу аетап: аџьашьахәрҿиаҩцәа ргәыԥ «Фантасмагорцы» асценахь ицәырҵуеит

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 13, 2026 шықәса. Аԥсныпресс /Алықьса Шамба/. Аԥсуа КВН (Илахҿыху Еиҿамсуа Рыклуб) аҭоурых иҿыцу аетап ахь ицәырҵуеит. Аколлектив «Мои золотые» 2014 шықәсазы аилабгара инашьҭарххны иҟалаз аамҭалатәи аихсыӷьра ашьҭахь ахәмарра иалагоит агәыԥ «Фантасмагорцы». Еизгоу акоманда анапхгаҩцәа руаӡәк Миха Ҵкәуа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо агәыԥ аилазаара шышьақәгылоз, уи ааигәатәи аамҭазы иамоу апланқәа, иара убас ахәаԥшцәа ирзыԥшу аиумор зеиԥшрахо, уҳәа ртәы еиҭеиҳәеит.

Миха Ҵкәуа иажәақәа рыла, Аклуб ԥыхьатәи алахәылацәа аӡәырҩы рзы иҿыцу апроект аԥҵара – даара угәаҵанӡа инеиуа хҭысуп:

«Ианиаамҭаз КВН зҽалазырхәаз изы ари аус акыр акәаҵа-маҵа аҵоуп – уи зегьы доусы ргәаҵаҿы иаанханы иҟоуп».

Импульс хаданы иҟалеит илегендартәу «Нарты из Абхазии» аушьҭымҭацәа рыхәылԥаз аҿы рытриуфалтә қәгылара. Аветеранцәа рықәҿиара ҩаԥхьа иарҵабыргит: ареспублика аҿы аимор апотенциал џьаргьы имцаӡеит, уи шыҟац иаанхоит. Иаарласны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иаԥшьгаралеи акультура аминистр Даур Ақаҩба идгыларалеи иаԥҵахеит еизгоу акоманда ҿыц, уи жәларбжьаратәи аренаҿы аԥсуа иумор актуалра злоу ахаҿра аарԥшра хықәкы хаданы иаиуоит.

Акоманда ахьӡ «Фантасмагорцы» изеиԥшразаалак ашаблонқәа мап рыцәкра адгылара атәы аҳәоит. Алахәылацәа абжьааԥны ҳзышьцылахьоу аҳәаақәа рынҭыҵ иҟоу афонтастикатә гәалаҟазаара аԥҵара рҽазыршәоит. Убри аан аколлектив рхыҵхырҭақәеи рмилаҭтә калорити рӡыргара рҽазыршәалоит. Миха Ҵкәуа агәра ганы дыҟоуп:

«Аԥсны азы алафҳәара аԥсуаа рхаҭақәа рыда аӡәгьы илшаӡом».

Ахәаԥшцәа ирзыԥшуп актуалра злоу адунеитә амшхәаԥштәи иҵару асарказми реилаҵәа. КВН ахәмарыҩцәа рзы – ари зыԥсы ҭоу организмуп, уи аамҭа иақәшәозароуп.

Акоманда аилазаара шьақәгылеит аамҭа кьаҿ иалагӡаны, уи еиднакылеит акыр аамҭа арҿиаратә усура знапы алакыз ауаа: атеатралтә актиорцәа, ипопулиару аблогерцәеи иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы ихәмаруаз аԥышәа змоу алахәылацәеи. Ас еиԥш аӡбамҭа адкылара зыдҳәалахаз иҿыцу ауаа шьаҭанкыла разыҟаҵара амыцхәрас апрофессионалцәа аус рыцура аиӷьашьара ауп:

«Ари акоманда 2012 шықәсазы ишыҟаз еиԥш асцена раԥхьа агьама збоз рыла еиԥш акәӡам ишышьақәгылоу. Иахьазы урҭ қәралагьы ԥышәалагьы ишьақәгылахьоу уаауп».

Акоманда акаԥданси ихадоу ахаҭарнакыси далырхит Осман Абыхәба. Уи иколлегацәа иара имоу асценатә енергетика ду абзоурала аколлектив ԥхьаҟа агара шилшо агәра ганы аԥыза ироль анагӡара идырҵеит.

Аколлектив ԥхьаҟатәи аԥсҭазаара азԥхьагәаҭарақәа рыла игәылҭәаауп. Раԥхьатәи ԥышәара дуны иҟалоит Шәача ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоу афестиваль, уи ажьырныҳәамза 15 рзы иалагоит. «Фантасмагорцы» 500 инарзынаԥшуа апретендентцәа рыбжьара имариам алԥшаара иахысроуп. Асезон азы ахықәкы хаданы иҟоуп — зреитинг акыр иҳараку москватәи алига «Лампа» аҟынӡа анаӡара. Ари аетап 2027 шықәса рзы Актәи аканал ателеефир аҿы ацәырҵра иашьаҭаны иҟалоит.

«Ас еиԥш ахықәкқәа ҳаԥхьа иҳаргылоит, даҽакалагьы иауӡом», - ҳәа иазгәеиҭеит Миха Ҵкәуа. Акоманда ахь ареспублика аҩныҵҟа аинтересс ӷәӷәа шыҟоугьы, урҭ идырны макьаназы аҩнытә қәгыларақәа мап рцәыркуеит. Ари аӡбамҭа адисциплина ӷәӷәа иазкуп: «Зегьы аҭаацәарақәа, рхатәы усурақәа рымоуп, убри аҟнытә ҳара ҳарҿиаратә мҩа алагамҭазы ҳамчқәа реиԥхьырттара ҳҭахӡам. Уажәы ҳахшыҩзышьҭра зегьы зызку Шәачеи Москвеи алҵшәа бзиа аарԥшра ауп».

Еизгоу акоманда ахәаԥшцәа агәра ддыргоит аофициалтә лигақәа рҿы рпозициақәа рырӷәӷәара шаарылшалак еиԥшҵәҟьа идуу асолотә программа ала ишықәгыло. Макьаназы ахәаԥшцәеи дареи асоциалтә ҳақәа рыла ажәабжьқәеи авидеорепортажқәеи рыла аимадара рыбжьазаауеит.


Read 126 times - Ашәахьа, 19 Ажьырныҳәа 2026 15:09