Print this page
вчера 18:16

Аԥсны ахортә капелла ажьырныҳәамза 16 -19 рзы Нижни Новгороди Москвеи иқәгылараны иҟоуп.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 13, 2026 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарратә хортә капелла афедералтә программа «Мы – Россия» аҳәаақәа ирҭагӡаны ажьырныҳәамза 16 – 19,  2026 шықәса рзы Нижни Новгороди Москвеи иқәгылараны иҟоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны акультура Аминистрра.

Агастрольқәа мҩаԥысуеит  РОСКОНЦЕРТ иҟанаҵо адгыларала. Аколлектив ахәаԥшцәеи азыӡырҩцәеи ирыднагалоит «Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу амузыкатә цҳақәа» ҳәа хыс измоу аконцерт.

Урыстәыла акультура аминистр Ольга Лиубимова Урыстәылазегьтәи агастроль-концерттә план инарҭбаау аудиториа амилаҭтә коллективқәеи атееатрқәеи русура дырбара хырхарҭа хаданы иҟоуп ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит.  Апроект есышықәса иҿыцу алахәылацәа рыла аҽарҭбаара уи иамоу ақәҿиарақәа арҵабыргуеит, иара убас атәыла зегьы аҿы иуникалу акультуратәи амузыкатәи атрадициақәа реиқәырхареи рпопулиаризациеи иацхраауеит. 

Акапелла асахьаркыратә напхгаҩы, адерижиор Нодар Ҷанба 1969 шықәсазы иаԥҵаз аколлектив Аԥсны ахортә ҟазара иԥхьагылоу ахаҭарнакны ишыҟалаз атәы еиҭеиҳәеит. Аколлектив арепертуар адунеизегьтәи аклассика адагьы аурыс хортә музыкеи зӷьырак ҷыдала акапелла азы иаԥҵаз ҳаамҭазтәи арҿиамҭақәеи алагалоуп.

Акапелла актәи ақәгылара мҩаԥысуеит ажьырыныҳәамза 16 рзы Қьырсаныҳәатә ахортә еизараду аҳәаақәа ирҭагӡаны Нижни Новгород ақалақь, Алеқсандр Невски ихьӡ зху Акафедралтә ныхабаа аҿы.   

Ажьырныҳәамза 19 рзы ансамбль аконцерт мҩаԥысуеит Москва ақалақь, Иаса Қьырса Аԥсҿыхҩы Иныхабаа Иреиҳаӡоу Ақьырсиан-динмаҵзуҩцәа  Реизарақәа рзал аҿы.  

Ақәгылара апрограмма иалалоит аԥсуа еиԥш, аурыси аҳәаанырцәтәии ахортә музыка. Инагӡахо арҿиамҭақәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп: шамахамзар иуԥымло аԥсуа қьырсиантә шәақәа, жәлар рмелодиақәа «Ахәра ашәа», «Ахра ашәа», Нодар Ҷанба ауахәаматә музыка ала иконцерти еицырдыруа Сергеи Рахманинов ирҿиамҭеи «Анцәа дзыхшаз Ацқьа Мариа бгәырӷьа!

Адирижиор – Барас Кәыџба, ахормеистер –  Мадина Чачхалиа.

 


Read 41 times