"Ашықәс ҿыц азы ҳаиԥылеит, уаанӡа ихацыркыз аԥшьгарақәа ирыцаҳҵап ҳәа агәыӷра ҳамоуп. Ҳасасцәеи, ҳџьынџьуааи ирзеиӷьасшьарц сҭахуп аинҭәылара, агәыразра, аҭынчра, ҳаԥшьгарақәа рҿы зегьы аманшәалара ҳацыз", — иҳәеит Бадра Гәынба.
Иахьа ихыркәшахоит ажьырныҳәа 6 раахыс имҩаԥысуа аӡынтәи афестиваль "Амандарин". Иара еиҿнакааит асоциалтә-культуратә проектқәа рцентр "Аҵла" Урыстәыла ахада игрантқәа рфонд ацхыраарала.
Аӡынтәи афестиваль «Амандарин» амҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы амандарина иалху 54 метра иҟоу аторт ақәыргылареи аҳауатә мпышҭа ду аҳауа алаҵареи афестиваль ахыркәшаратә усмҩаԥгатәқәаны иҟалеит. Аторт-рекордсмен аԥҵара рхы аладырхәит 32 каҳуажәырҭа, ақьафурҭақәеи ахаатәыҟаҵарҭақәеи рҟынтәи 45-ҩык ахаатәыҟаҵаҩцәа.
