Print this page
26.Ԥхынҷкәын.2025

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Амилаҭтә Банк астатистикала аҳәынҭқарратә еимадара асистема иаланагалеит.

Аҟәа.  Ԥхынҷкәынмза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Амилаҭтә Банк астатистикала аҳәынҭқарратә еимадара асистема иаланагалеит.

Адепутатцәа аҩбатәи аԥхьарала «Астатистикатә усуразы» азакәан ахь Амилаҭтә Банк азинмчқәа зырӷәӷәо аиҭакрақәа ралагалара азы ақәҵара рыдыркылеит. Шьҭарнахыс Астатистиказы Аҳәынҭқарратә Еилакы атәыла ахада, анапхгареи аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи инарымариашаны иарбоу афинанстә напхгараҭаратә усбарҭа ахь аофициалтә информациа анашьҭара ҭакԥхықәраны иадлоит.

Иҿыцу анормақәа инарықәыршәаны, Амилаҭтә Банк астатистиказы Аҳәынҭқарратә Еилакы аҟынтәи адыррақәа раиуразы азыҳәамҭақәа рышьҭра адагьы, хазхаҭала аусхкытә статистикатә анаԥшрақәа рымҩаԥгара алшалоит. Уи иабзоураны абанк еиҳа инарҵауланы имҩаԥысуа аекономикатә процессқәа ранализ аҟаҵареи еиҳа ирласны афинанстә џьармыкьаҿы иҟоу аиҭакрақәа разхьаԥшреи рзы алшара аиуоит.

Азакәан апроект аԥшьгаҩцәа ргәаанагарала, ахылаԥшырҭақәа рыбжьара ишиашоу ала аинформациатә еимадара атәылаҿы аналитика аҩаӡара шьҭнахуеит.

Аус аҿы астатистикатәи афинанстәи аусбарҭақәа реимадара ареспублика аекономикатә ҭышәынтәала иацхраароуп. 

 


Read 21 times