15-ҩык амодельцәа ахацәеи аҳәсеи итрадициатәу рышәҵатәы, иара убас урҭ ҳаамҭазтәи аинтерпретациақәа ӡырыргеит.
Зусумҭақәа рыдгалара мҩаԥызгаз адизаинерцәа иреиуоуп – Сабрина Пкьын, Кадыр Тәанба, Ника Берзениа, Салима Ҳашыг, Сарида Ҵәыџьба, абренд «Ақса», Ҳамида Цәеиба.
Ашәҵатәқәа рхаҭабиара ахәшьара арҭон аӡбаҩцәа – Маиа Герзмаа, Инга Шамба, Алхас Аргәын, Даур Ақаҩба, Марианна Амҷба, Мадина Ҷанԥҳаи Илона Занҭариаԥҳаи.
Аноминациа «аԥҳәыс лмилаҭтә шәҵатәы» аҿы аиааира лгеит Сабрина Пкьын, уи илоуит аԥаратә ҳамҭа – 100 нызықь мааҭ.
Аноминациа «ахаҵа имилаҭтә шәҵатәы» аҿы иреиӷьуп ҳәа иалкаахеит Кадыр Тәанба авторс дызмоу ашәҵатәы, уи иоуит аԥаратә ҳамҭа – 100 нызықь мааҭ.
Аноминациа «аԥсуа милаҭтә шәҵатәы ҳаамҭазтәи аинтепретациа» аҿы аиааира ргеит Ника Берзениа, Салима Ҳашыгԥҳаи Сарида Ҵәыџьԥҳаи, урҭ ироуит 50-50 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоз аԥаратә ҳамҭақәа. Аӡбаҩцәа иара убас иалыркааит Ҳамида Цәеиба лусумҭагьы.
