Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба иарбоу ахҭыс акыр алшара зҭаххо атрадициатә шәҵатәы аиҭашьақәыргылареи апопулиаризациеи иазку аусура алагара иазкуп ҳәа иазгәеиҭеит. Иара аконкурс алахәылацәеи аиҿкааҩцәеи иҭабуп ҳәа раҳәо ақәҿиарақәеи аманшәалареи рзеиӷьаишьеит.
Аконкурс ахь ицәырган х-номинациак: иреиӷьу амилаҭтә аҳәса рышәҵатәы, иреиӷьу амилаҭтә ахацәа рышәҵатәы, атрадициатә шәҵатәы ҳаамҭазтәи аинтерпретациа. Иреиӷьу аҳәса рышәҵатәы азы аҳамҭа – 150 000 мааҭ рҟынӡа инаӡоит, иреиӷьу ахацәа рышәҵатәы азы – 100 000 мааҭ, ҳаамҭазтәи аинтерпретациа азы — 50 000 нызықь мааҭ адәқьан Fashion House аҿы аба аахәаразы 10 000 мааҭ рзы асертификат ацны.
Иара убас афестиваль апрограмма рхы аладырхәеит амузыкатә гәыԥқәа «Абжьыхаа», «Адоуҳа», урҭ амилаҭтә шәақәа нарыгӡоит.
