Print this page
29.Ԥхынҷкәын.2025

Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура Аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Ԥсоу» аҿы аусура иацҵоуп ажьырныҳәамза 1, 2028 шықәса рҟынӡа.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура Аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Ԥсоу» аҿы аусура ажьырныҳәамза 1, 2028 шықәса рҟынӡа иацнаҵеит.  

Адепутатцәа азакәанԥҵаратә шәҟәынҵақәак аиҭакрақәа аларгалеит.

Азакәан апроект ала ажьырныҳәамза 1, 2028 шықәса инаркны амиграциатә хсаала азы аԥҟарақәа азинмчы раиура азԥхьагәанаҭоит. Убри инамаданы, Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзурала аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысразы аушьҭра-гәаҭаратә ҭыԥқәа рҿы аҳәаанырцәтәи атәылауаа рышәҟәҭагалаа аҽҳәара иацҵоуп. 

«Ареспублика Аԥсны азакәанԥҵаратә шәҟәынҵақәа аиҭакрақәа ралагаларазы» Азакәан апроект «Аҳәаанырцәтәи атәылауаа Ареспублика Аԥсны ралалареи ралҵреи аԥҟарақәа рзы», «Аҳәаанырцәтәи атәылауаа Ареспублика Аԥсны рзинтә ҭагылазаашьазы» азакәанқәа  аиҭакрақәак ралагалара азԥхьагәанаҭоит.

Аилыркаагатә шәҟәы ишарбоу ала, аҳәаанырцәтәи атәылауаа аҳәынҭқарратә ҳәаа иахысны атәыла ралалареи ралҵреи ахылаԥшра арӷәӷәара Амиграциатә Маҵзура аҟынтәи абиуџьет ахашәалахәқәа ралалара аҭагылазаашьа хра злоу анырра анаҭеит. Убас,  2023 шықәсазы абиуџьет иалагалан 93 млн. мааҭ, 2024 шықәсазы  – 193 млн. мааҭ,  2025 шықәсазы  - 230 млн.мааҭ инареиҳаны.


Read 63 times