Шәара ҳмилаҭ аԥыза ду, зыхьӡ ҳаамҭазтәи ихьыԥшым аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылареи Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агареи иузаҟәымҭхо ирыдҳәалоу Владислав Григори-иԥа Арӡынба шәарӷьажәҩаны шәивагылан.
Шәара шәҭаацәа иахәҭаны ҳажәлар аҳаҭыр ду рзақәуп.
Гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аизҳазыӷьара, агәҭынчра, ахирра. Ҽааныбзиала!»
Марина Шьониа лыхьӡала инаишьҭыз адныҳәалара аҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Марина Гьаргь-иԥҳа! Ашықәс ҿыц шәыдысныҳәалоит.
Шәара Владислав Григори-иԥа Арӡынба иаамышьҭахь аҳәынҭқарра иахагылаз, ишахәҭоу еиԥш уи иус иацызҵаз, ҳҳәынҭқарра жәларбжьаратәи азхаҵара аус аҿы ароль ду назыгӡаз иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩ — Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь изын ҵәатәы шьаҟаны, ҩыза иашаны шәыҟан.
Шәара шәҭаацәа иахәҭаны ажәлар рыҩныҵҟа аҳаҭыри апатуи рыманы иҟоуп.
Гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, аҭынчреи аизҳазыӷьареи. Ҽааныбзиала!»
