Print this page
31.Ԥхынҷкәын.2025

Дмитри Медведев Бадра Гәынба Ашықәс Ҿыци Қьырса ныҳәеи идиныҳәалеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 31, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла Ашәарҭадара Ахеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Ашықәс Ҿыци Қьырса ныҳәеи идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

« Ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб-иԥа,

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи!

Москвеи Аҟәеи реиҩызареи реигәылареи ҭоурыхла здац-ԥашә ӷәӷәоу апринципқәа рыла иеибаркуп. 2025 шықәса рзы уи ҳара алшара ҳнаҭеит аполитикатә еиҿцәажәара ааиқәырхара,  азеиԥш ԥшьгарақәа қәҿиарала рынагӡара. Агәра згоит, урыстәыла-аԥснытәи ганрацәалатәи аусеицура аԥхьаҟагьы қәҿиарала аҿиара шаиуа, ҳаиашьаратә жәларқәа реизҳазыӷьареи Нхыҵкавказ ашәарҭадара ауси рыҟны акрызҵазкуа рлагаламҭа аарԥшуа. 

Ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит,  агәабзиара, анасыԥ, аихьӡара ҿыцқәа, Аԥсны иқәынхо атәылауаа зегьы - аҭынчреи аизҳазыӷьареи".

 


Read 212 times - Амҽыша, 04 Ажьырныҳәа 2026 12:59