Print this page
01.Ажьырныҳәа.2026

2026 - тәи Ашықәс ҿыц ауха Аԥсны раԥхьатәи аҵеи диит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 1, 2026 шықәса. Аԥсныпресс. 2026-тәи Ашықәс Ҿыц ауха ииз раԥхьатәи ахәыҷы дыҷкәыноуп.  

Аиба зыжәлоу, зыкапан — 4 100 грамм рҟынӡа инаӡо амаалықь диит ажьырныҳәамза  1, асааҭ 00:25 рзы.

Иара аҭаацәараҿы аԥшьбатәи ҷкәыноуп.  Ани ахшаареи рҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп, урҭ ирзааигәоу ауааи аҭынхацәеи амедицинатә усзуҩцәеи рҟынтәи адныҳәаларақәа рыдыркылоит.

 


Read 279 times - Асабша, 03 Ажьырныҳәа 2026 17:45