«Аҳҭнықалақь аҿы, Алашарбага аҳаблаҿы Ашықәс Ҿыц ауха анхарҭатә хыбра блит. Амцакра зыхҟьаз еилыркаауеит», - ҳәа иазгәарҭеит аиқәырхаратә хылаԥшырҭа аҿы.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 1, 2026 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика аҿы Ашықәс Ҿыц ауха аҭагылазаашьа ҭышәынәалан, иҭынчран ҳәа уҳәар алшоит. Иҷыдоу аҭагылазаашьак ауп ишьақәыргылаз, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟарҵеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аминистрра аҿы.
«Аҳҭнықалақь аҿы, Алашарбага аҳаблаҿы Ашықәс Ҿыц ауха анхарҭатә хыбра блит. Амцакра зыхҟьаз еилыркаауеит», - ҳәа иазгәарҭеит аиқәырхаратә хылаԥшырҭа аҿы.