Print this page
02.Ажьырныҳәа.2026

Ашықәсҿыцтәи афестиваль «Амандарина» есышықәсатәи традицианы ишьақәгылоит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 2, 2026 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы аныҳәатә гәалаҟазаара аҳра ауеит. Иҷыдоу аҭагылазаашьа аԥнаҵоит амандаринақәа рыла ишьақәгылоу аԥсаӡ. Уи С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи адраматә театр аҿаԥхьа ишьықәыргылоуп. Сынтәа ари аԥсаӡ аура 5 метрак еиҳауп. Ари адунеитә рекордуп, ҳәа  Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо илҳәеит афестиваль «Амандарина» аиҿкааҩцәа ируаӡәку Сариа Аргәын.

«Ҳара ҳаԥсаӡ гылоуп ԥхынҷкәынмза 30 инаркны. Уи аҟаҵаразы иаҭаххеит тоннаки бжаки амандаринеи 300 кьыла апаҭырқали. Аԥсны абар шьҭа ҩынтәны имҩаԥысуа афестиваль «Амандарина» аҽазыҟаҵара цоит, ҳапланқәа рацәоуп», ҳәа иазгәалҭеит Сариа.

Афестиваль мҩаԥыслоит ажьырныҳәамза 6 инаркны  10 нӡа Аҟәа ақалақь мацара акәымкәа Ҭҟәарчал ақалақь аҿгьы.  

Афестиваль апрограмма иалагалоуп еиуеиԥшым аусмҩаԥгатә шьахәқәа.  

Афестиваль аартра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥгахоит ажьырныҳәамза 6, асааҭ 14:00 рзы, Аԥснытәи адраматә театр аҿаԥхьа. Аныҳәатә гәалаҟазаара шьҭырхлоит аԥсуа естрада артистцәа. Асааҭ 16:00 рзы иара уааҵәҟьа акәашаратә хәмаррақәеи афаер-шоу ҳәа изышьҭоу амца ахархәарала амаанақәа рыҟаҵареи мҩаԥгахоит.  

С.У.Багаԥшь ихьӡ зху аплошьад аҿы асааҭ 11:00 рзы имҩаԥысуеит фудкорт ҳәа изышьҭоу ачеиџьыка ацәыргара иазку аусмҩаԥгатә мҩаԥгахоит, араҟа ицәыргахоит шәагаала идуу, анышь сахьа змоу ачашә,  арыжәтә ԥха, иара убас аҵәы иахаҵаны иӡу акамбашьжьы.

Ажьырныҳәамза 7 рзы аплатформа Гәыма аҿы еиҿкаахоит ашықәсҿыцтәи ахәаахәҭра-цәыргақәҵеи ахәыҷқәеи адуцәеи рзы аҟазара аклассқәеи.

Ажьырныҳәамза 8 рзы аплатформа Гәыма аҿы иаатуеит ақыҭанхамҩатә ахәаахәҭра-цәыргақәҵа.  Араҟа иара убас алактори аҭаара ҟалоит. Ҭҟәарчал ақалақь аҿы асааҭ 11:00 рзы иаадыртуеит аетно-мурал «Аиҭарҿиара» («Возрождение)».

Ажьырныҳәамза 9, асааҭ 14:00 рзы, асасааирҭа «Интер-Сухум» аҿы имҩаԥгахоит амилаҭтә маҭәа аконкурс.  

Афестиваль иналукааша ахҭысқәа иреиуахоит 50-метра инаӡо амандаринатә торт.  

«Аторт еизгахоит С.У.Багаԥшь ихьӡ зху аплошьад аҿы иҟоу аӡыршә иаакәыршаны. Ажьырныҳәамза 10, асааҭ 13:00 рзы аторт рхиахоит, изҭаху зегьы уи аҿаԥхьа рфотосахьа ҭырхыр ауеит. Асааҭ 14:00 рзы адегустациа иалагоит», - ҳәа илҳәеит афестиваль аиҿкааҩ Светлана Габуниа.

Р.Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы асааҭ 11:00 рзы ААУ апедагогикеи аметодикеи ркафедра арҵаҩы Анетта Бганба илыбзоураны имҩаԥысуеит   «Аинклиузивтә фестиваль» - згәабзиара алшарақәа ԥку ахәыҷқәа рконцерт «Солнечный мандарин».

Ажьырныҳәамза 10 рзы убасҵәҟьа адиџьеи дацны аҳаиртә мпышҭа аҳауа иаларҵоит.  

Афестиваль аиҿкаара ахахьы иагеит Автономтә Икоммерциатәым Аиҿкаара Асоциал-культуратә проектқәа Рцентр «АҴЛА». Апроект анагӡара мҩаԥысуеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада игрантқәа Рфонд ацхыраарала.

 

 

 

 


Read 394 times