Аҳәынҭқарратә мазара иаҵанакуа, насгьы Аԥсны амилаҭтә шәарҭадареи атәылахьчареи рзы иҷыдоу аҵакы змоу астратегиатә обиектқәа рҿы хазхаҭалатәи ахаҿқәа зинда рнеира алзмыршо аушьҭра-гәаҭаратә режим алагалахоит.
Автоматизациа зызу анапхгараҭаратә системақәа, мамзаргьы иҷыдалкаау аинформациатә инфраструктура рыла еиқәыршәоу астратегиатә обиектқәа аинформациа аҟынӡа закәанда анаӡара, ақәхра, мамзаргьы аҳәааркра аҟынтәи ахьчаразы ауснагӡатәқәа рынагӡара ҭакԥхықәраны ирыдуп.
Ареспублика Аԥсны азакәанԥҵара инақәыршәаны, аҳәынҭқарратә мазара иаҵанакуа астратегиатә обиектқәа ахԥатәи ахаҿқәа ахатә мазара аҳасабала рыҭара, иара убас аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рхатәрахьы аиагара ҟалаӡом. Иарбоу аԥҟара еилазго иарбанызаалак аилаӡарақәа хра злам, азакәанмчы змам ҳәа иԥхьаӡахоит.
Астратегиатә обиектқәа зықәгылоу адгьылхәҭақәа ахықәкытә зкызаара мацарала ахархәара аиуеит. Иарбоу адгьылхәҭақәа категориак аҟынтәи даҽа категориак ашҟа аиагаразы азин ыҟаӡам.
Аҭоурых-культуратә ҭынханы иҟоу астратегиатә обиектқәа рганахьала аҭоурых-культуратә ҭынха азы Ареспублика Аԥсны азакәанԥҵара иазԥхьагәанаҭо иназыцҵоу аԥкрақәа алагалазар алшоит.
