Print this page
вчера 2:08

Лаша Ашәба: Аԥсны ахада Жәлар Реизарахь иҟаиҵаз инашьҭымҭа — апарламенттә комитетқәа русуразы амҩақәҵагатә хсаалаганы иҟалоит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Жәлар Реизарахь иҟаиҵаз инашьҭымҭа дахцәажәо Аҳәынҭқарра Ахада инашьҭымҭаҿы — атәыла аԥсҭазаара аганқәа зегьы азгәаҭан ҳәа иҳәеит.

Азакәанԥҵаратә мчра ахада иажәақәа рыла, аҳәынҭқарра Ахада ихадоу ахырхарҭақәа аликааит: асоциалтә политика ареформа, аҵарадырреи агәабзиарахьчареи рамодернизациа, иара убас ашәарҭадара арӷәӷәареи аенергетикатә инфраструктура арҿиареи.  

«Арҭ азҵаарақәа зегьы ҳара ҳмилаҭтә ҿиара иазырхоу, аԥыжәара змоу ракәны иҳадаҳкылоит. Ҳәарада, ҳара анагӡаратә усбарҭақәа, аиҳабыра аус рыцуа арҭ ахырхарҭақәа рынагӡара ҳҽазаҳшәалоит», - ҳәа  иҳәеит Лаша Ашәба.

Апарламент аиҳабы иажәақәа рыла, ахада инашьҭымҭа Аԥсны Апарламент ахь идәықәҵахоит аԥыжәара змоу документк аҳасабала, анаҩс ахырхарҭақәа инарықәыршәаны апрофильтә еилакқәа рахь еихшахоит.

«Хара имгакәа Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Жәлар Реизарахь иҟаиҵаз инашьҭымҭа апрофильтә комитетқәа рҿы инарҭбааны аус рыдулара мҩаԥгахоит. Адепутатцәа анашьҭымҭа аҿы  иазгәаҭаз асоциалтә политика, аҵарадырра, агәабзиарахьчара, ашәарҭадара, аинфраструктура, аенергетика, аҿар рыҿиара уҳәа актуалра злоу ахырхарҭақәа рыла ажәалагалақәеи анормативтә шәҟәынҵақәеи еиқәдыршәоит», - ҳәа иҳәеит Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба.


Read 22 times