Print this page
вчера 0:12

Апарламент Аԥсны аӡбарҭақәа рҿы автоматизациа зызуу аӡбарҭа-информациатә система ахархәара алагалара аҽҳәара иацнаҵеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент Аԥсны аӡбарҭақәа рҿы автоматизациа зызуу аӡбарҭа-информациатә система ахархәара алагалара аҽҳәара ацҵаразы аӡбамҭа аднакылеит.  

Аԥсны аӡбарҭақәа рҿы автоматизациа зызуу аӡбарҭа-информациатә система ахархәара алагалара 2027 шықәса ажьырныҳәа 1 ахь ииагоуп.

Азеиԥш иурисдикциа аӡбарҭақәеи Арбитражтә ӡбарҭақәеи рҿы автоматизациа зызуу авидео-аудиои рбара ахархәарала аӡбаратә еилатәарақәа рфиксациа мҩаԥгалахоит ажьырныҳәамза 1, 2027 шықәса инаркны.  


Read 53 times