Print this page
25.Ԥхынҷкәын.2025

Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа Иҷыдоу арратә операциа аҿы иҭахаз хатәгәаԥхаралтәи аибашьҩы Павел Бжьаниа иуацәеи-иҭаацәеи дрыдышшылеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа Иҷыдоу арратә операциа аҿы иҭахаз хатәгәаԥхаралтәи аибашьҩы Павел Бжьаниа иуацәеи-иҭаацәеи дрыдышшылеит.

Алахьеиқәҵаратә усмҩаԥгатә иара убас рхы аладырхәит аԥыза-министр Владимир Делба, Ашәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Рауль Лолуа, аиҳабыра алахәцәа, Аҟәа ақалақь анапхгара.

Атәыла анапхгара иҭахаз аибашьҩы иуацәеи иҭынхацәеи гәалсрыла ирыдышшылеит. 

Павел Бжьаниа Урыстәыла Арбџьар мчқәа 36-тәи хазы иҟоу рмотошьаҟартә бригада далахәын.

 

 

 


Read 48 times