Print this page
вчера 20:42

Абикунцәа рнапаҵаҟа иҟоу ахәыҷқәа иааиуа Ашықәс Ҿыц аныҳәа рыдырныҳәалеит Аҟәа ақалақь Ахадараҿы.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 25,  2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ашықәс Ҿыц аныҳәа аламҭалазы Аҟәа ақалақь Ахадарахь ааԥхьара рырҭеит абикунцәа рнапаҵаҟа иҟоу, иара убас аԥсҭазааратә ҭагылазаашьа уадаҩ иақәшәаз ахәыҷқәа.  

24-ҩык ахәыҷқәа рзы аныҳәа еиҿкаахеит. Ахәыҷқәа ирыдныҳәалеит Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩцәа Авҭандил Сурманиӡеи абикунреи ахылаԥшреи рызҵаарақәа знапы иану Асҭамыр Ашәбеи. Урҭ ахәыҷқәа ашықәсҿыцазтәи аҳамҭақәа рырҭеит.

 


Read 35 times