Аилатәара аҿы иалацәажәеит атәылауаҩратә абџьар аахәара, аныҟәгара, ашьҭаҵара азы алицензиақәа рыҭара иадҳәаланы ицәырҵуа ауадаҩрақәеи азҵаарақәеи.
Апрокурор Хада изакәанымкәа абџьар аикәыршара аҿагылара азинхьчаратә усбарҭақәа ацәгьоурақәа рыԥхьырҟәҟәаара иазырхоу русура аҿы иҷыдоу аҭыԥ аанакылоит ҳәа иазгәеиҭеит.
Апрокуратура Хада иадгылоит Апарламент аҿы актәи аԥхьарала ирыдыркылаз «Абџьар аикәыршара аганахьала Ареспублика Аԥсны азиншәҟәы аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагаларазы» азакәан апроект.
Аилатәара аихшьаалақәа рыла, уи алахәылацәа анапхгарабжьаратәи аусеицура аҩаӡара ашьҭыхреи ацәгьоурақәа раарԥшреи раартреи иазку аусура аеффективра ашьҭыхреи иазырхоу аӡбамҭақәа жәпакы рыдыркылеит.
Иара убас, изакәанымкәа абџьар аикәыршара аҿагылара, амцабџьари аџьаԥҳани абџьар хьшәашәеи изакәанымкәа ишьҭаҵаны измоу, иныҟәызго, иара убас автотранпорт аҿы ииазго ахаҿқәа раарԥшра иазку аусмҩаԥгатәқәа рыцҵаразы адҵақәа ҟаҵан.
Еиқәыршәоуп ареспублика азинхьчаратә усбарҭақәа Ркоординациатә еилатәара Ақәҵара апроект. Уаҟа иарбоуп абџьар аикәыршара, атәылауаҩратә бџьар аахәаразы алицензиақәа рыҭара, абџьар аныҟәгара ақәиҭтәра, уҳәа аганахьала азакәанԥҵара арӷәӷәара азы адҵақәа. Агәабзиарахьчара Аминистрра иадҵоуп аҳәынҭқарратә амедицинатә усбарҭала абџьар аныҟәгара азы азин аҭара ҳәаақәызҵо анора-зинтә шәҟәынҵа аиқәыршәара. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны апрокуратура Хада аофициалтә саит.
