Бадра Гәынба ирылеиҳәеит хара имгакәа иара идҵала аспециалистцәа-аргылаҩцәа архәҭақәа руадақәа рҭагылазаашьа иахәаԥшраны ишыҟоу, уи ашьҭахь ахыб арҿыцреи егьырҭ, зыда ԥсыхәа ыҟам аусурақәеи рымҩаԥгара иалагараны ишыҟоу.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2026 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада Атәылахьчара аминистрра Актәи хаз игоу амотошьаҟартә баталион даҭааит. Аҳәынҭқарра Ахада амаҵзура ахысразы иҟоу аҭагылазаашьа, аибашьратә зыҟаҵара амҩаԥысшьа даҭааны ибеит, аррамаҵзурахь иааԥхьоу асолдаҭцәа драцәажәеит, архәҭақәа руадақәа дрыҩналаны ибеит.