2026 шықәсазы имҩаԥгахо алаборатории атема – «Акиносахьақәа» ауп. Хәымш рыҩныҵҟа еицырдыруа урыстәылатәи арежиссиорцәа ахәаԥшцәа ирыдыргылалоит афильмқәа рмотивқәа рыла иаԥҵоу ԥхьаҟатәи аспектакльқәа рескизқәа. Алабораториа аусура рхы аладырхәуеит М.С. Шьепкин ихьӡ зхоу атеатр атруппа артистцәеи астудентцәеи.
Алабораториа «Сандро» 2026 шықәса иалахәхо рыхьӡқәа:
- Роман Габриа (Григори Козлов иҟазарҭа, ақ. Санкт-Петербург);
- Алеқсеи Золотовицки (Олег Кудриашов иҟазарҭа, (РАТИ-ГИТИС), ақ. Москва);
- Георги Сурков (Михаил Груздов иҟазарҭа, ақ. Рига).
Иара убас лескиз адгалара мҩаԥылгоит ГИТИС арежиссиортә факультет астудентка, Аурыс драматә театр иԥхьагылоу актриса Мадлена Барцыц (Олег Долини Валери Саркисови рҟазарҭа).
Ақәыргыламҭақәа рзы иалхыз афильмқәа рыхьӡқәа макьаназы имаӡоуп. Мацара еилкаауп уи аишьцәа Коенаа, Френсис Форд Коппола, уҳәа реиԥш иҟоу аҟазацәа рҟынтәи адунеи зегьы аҿы иазхаҵоу аклассика шакәхо.
Аескизқәа аихшьаалатә арбара мҩаԥгахоит ажьырныҳәамза 31, асааҭ 17:00 рзы. Аексперттә еилазаареи ахәаԥшцәеи иааиуа асезон азы аспектакль злырхраны иҟоу иреиӷьу аусура алыркаауеит.
