"Ҳара, ақалақь Ахадара аҟны иаԥҵаны иҳамоуп ақалақь ариаҵәаразы акомиссиа, уи сара схаҭыԥуаҩ инапхгарала есымчыбжь аилатәара мҩаԥысуеит. Акомиссиа аилазаараҿы иҟоуп ақалақь Ахадара аусзуҩцәа, ақалақьтә Еизара адепутатцәа, Аботаникатә баҳча аҟынтәи аспециалистцәа, аекологцәа. Убри аҟнытә иарбан ҵлазаалакгьы ала аӡбамҭа абри акомиссиа аҿы ирыдыркылоит. Аҵлақәа реилыхра, рыхҵәара, мамзаргьы аҿыцқәа реиҭаҳара иадҳәалоу азҵаарақәа – арҭ азҵаарақәа зегьы шьҭарнахыс акомиссиа аҿы ирылацәажәоит. Иарбан ҵлақәоу еиҭаҳахо, иахьеиҭаҳахо, уҳәа акомиссиа аҿы ирыӡбалоит. Аха иахьагьы еилкаауп, 500 шьапы инарзынаԥшуа аҵла ҿыцқәа ҳақалақь иахьаҵанакуа еиҭаҳахоит хара имгакәа. Ари аус хымԥада иацҵахоит», – ҳәа иҳәеит Ҭемыр Агрба.
