Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа-Аенергетика амш! Аенергетика ҳтәылаҟны ихадоу, астратегиатә ҵакы змоу аусхкқәа ируакуп. Шәара шәџьабаа ишиашоу аекономика ҭышәынтәаланы аҿиара, асоциалтә усбарҭақәа русура, ҩнаҭацыԥхьаӡа, ҭаацәацыԥхьаӡа реизҳазыӷьара иадҳәалоуп.
Аҩнқәа рҿы алашареи аԥхарреи рыҟазаара Шәара есҽны имҩаԥыжәго аџьабаа ду зцу, аҭакԥхықәра зцу шәџьабаа иалҵшәоуп.
Шәара аус жәуеит ашықәс аҟны аамҭақәа зегь раан ианакәзаалакгьы, амш зеиԥшразаалак, аԥсшьарамшқәеи аныҳәақәеи рызгьы, лассы-лассы иуадаҩу, ишәарҭоу аҭагылазаашьақәа раангьы. Шәхамеигӡареи, шәыпрофессионализм ҳараки, иныҟәыжәго аҭакԥхықәреи аҳаҭыр ду иаԥсоуп. Шәара шәџьабаа иабзоураны ареспублика афымцамчтә система есааира аиӷьхара иаҿуп».
Аҳәынҭқарра Ахада аенергетикцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит рзанааҭдырреи ҭакԥхықәра рус азнеишьеи рзы иҭабуп ҳәа реиҳәеит. Уи аенергетикцәа ирзеиӷьаишьеит агәабзиара агәамч, аҭынчреи ахирреи аизҳазыӷьареи аҭышәынтәалареи, рнапы злау аус аҿы аманшәалареи ақәҿиара ҿыцқәеи.
«Гәык-ԥсыкала иҭабуп ҳәа шәасҳәоит ламысцқьала имҩаԥыжәго аусуразы, гәыкала шәус шәазыҟазаашьазы, ҳтәыла аҿиараҟны шәлагаламҭазы.
Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ахирра, шәҭаацәарақәа рҿы аҭынчреи аҳәоуеиқәшәареи аҭышәынтәалареи азанааҭтә қәҿиара ҿыцқәеи!», - ҳәа иаҳәоит адныҳәалараҿы.
