Аматериалқәа рыхәаԥшра ашьҭахь Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбамҭала Иван Рева Аԥсны Административтә зинеилагарақәа рзы Азакәанеидкыла ахәҭаҷ 41.19 иазԥхьагәанаҭо административтә зинеилагаразы ахара идҵаразы ақәҵара аднакылеит. Иван Рева ихьырхәра аҳасабала алхраԥхьатәи агитациа амҩаԥгара алахәхаразы закәанла азин змам ахаҿқәа ахьадыԥхьалаз азы аџьахәԥса 30 рыхә — 1800 мааҭ ахараԥса ишәароуп.
