Print this page
17.Ԥхынҷкәын.2025

Ауаажәларратә Палата алахәылацәа Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура аиҳабы Саид Ҵнариа иԥылеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура аиҳабы Саид Ҵнариа иԥылара мҩаԥысит Ауаажларратә Палата аҿы ԥхынҷкәынмза 16 рзы, ҳә адырра ҟанаҵоит Апалата аофициалтә саит.

Аиԥылара аԥшьигеит Апалата алахәыла, аекономикатә ҿиареи аусдкылара адгылара аҭареи рзы акомиссиа аханәаҩы Дауҭ Агрба.  

Аиԥылара атема хаданы иҟалеит Аԥсны амиграциатә политика. Аиԥылара иалахәыз иарбоу аусхкы аҿы изаамҭанытәиу аусқәа рҭагылазаашьа иалацәажәеит, доусы ргәаанагарақәа рҳәеит.

Аконструктивтә ҟазшьа змаз аиҿцәажәара аҿы Аԥсны аҵакыраҿы аҳәааныртәи атәылауаа рыҟазаара, атәылауаа раареи рцареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа рҭышәынтәалара уахь иалаҵаны, иааизакны амиграциатә политика аеффективра шьақәзыргыло ихадоу аспектқәа ирылацәажәеит.

Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан амиграциатә процессқәа ирыдҳәалоу ашәарҭарақәа анализ азуреи амилаҭтә шәарҭадареи ареспублика асоциал-економикатә ҿиареи рзы аоптималтә ӡбамҭақәа рыдкылареи ахымԥадатәра.

Дауҭ Агрба жәларбжьаратәи астандартқәеи аџьа аџьармыкьа аҭаххрақәеи адемографиатә тенденциақәеи инарҵауланы реилкаара ала ишьаҭарку амиграциатә политика ашьақәгылареи анагӡареи комплексла азнеишьа иаҵоу аҵакы ахадара инаҵшьны иазгәеиҭаит.

Саид Ҵнариа, ахәҭакахьала, Ауаажәларратә палата алахәылацәа рызҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит, Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура аусуразы инарҭбаау аҳасабырба ҟаиҵеит, иҟоу аихьӡарақәеи анаҩстәи аусура хадара злоу ахырхарҭақәеи алкааны.

Ажәалагалақәа ҟаҵан азакәанԥҵаратә база аиӷьтәра, адемографиатә политика аконцепциа аус адулареи адкылареи, административтә процедурақәа реиҵатәреи амиграциатә закәанԥҵара анагӡара ахылаԥшра арӷәӷәареи, уҳәа рзы.

Аиԥылара иалахәыз иарбоу ахырхарҭала аринахыс аусура ацҵара ишазхиоу азгәарҭеит, иара убас ааигәа астол гьежь амҩаԥгаразы еиқәшаҳаҭхеит.


Read 29 times