Print this page
11.Ԥхынҷкәын.2025

Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа X Ацҳаражәҳәаратә астол гьежь ихы алаирхәуеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Адипломатиатә академиа ала еиҿкаахаз X Ацҳаражәҳәаратә астол гьежь ихы алаирхәуеит.  

Аусмҩаԥгатә еизнагеит шәҩык инареиҳаны аҳәаанырцәтәи адипломатиатә миссиақәа рхадацәеи Москва аккредитациа змоу жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи.  Аилацәажәаразы ихадоу теманы иҟалеит украинатәи акризис аҭышәынтәалара, адипломатиатә усуреи аҭынчра ашьақәыргылара апроцесс аперспективақәеи ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы.

Адискуссиа традициала ишышьақәгылахьоу еиԥш иааиртит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров. Иқәгылараҿы урыстәылатәи адәныҟаполитикатә хылаԥшырҭа ахада Урыстәыла аполитика-дипломатиатә ҭышәынтәалара ахь азнеишьақәа дрыхцәажәеит.


Read 241 times