Агазеҭ «Республика Абхазия» ажурналист Заира Ҵәыџьба агазеҭ ианылаз астатиа «Так распорядились время и история» азы адиплом ланашьахеит.
Агазеҭ «Аԥсны» аредактор Хада Ахра Анқәаб апериодикатә қьыԥхь аҿы икьыԥхьыз истатиа «Анаҟәаԥиатәи абааш амаӡа» («Тайны Анкопийской крепости») азы Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла аконкурс алауреат идиплом ианашьахеит.
Аҳамҭақәа иара убас иранашьахеит:
- аноминациа «Иреиӷьу ателехәаԥшратә материал» аҿы — Елеонора Гилоиани Дауҭ Логәуеи рфильм «Аԥсартәи ашха аҵауларахь ашәышықәсабжа ирҭагӡоу аныҟәарақәа» («Полвека путешествий в глубины Апсарской горы»);
- Аноминациа «Амилаҭтә кьыԥхь аҿы иреиӷьу аматериал» аҿы – агазеҭ «Абазашҭа» аҿы икьыԥхьыз Екатерина Бебиа лыстатиа «Аԥшьаҭыԥқәа рахь иаарту амҩа» («Открытая дорога к святым местам»);
- Аноминациа «Акьыԥхь аҿы иреиӷьу апубликациа» аҿы — Алим Конџьариа агазеҭ «Республика Абхазия» аҿы икьыԥхьыз истатиа «Насыԥ зцу аԥшаамҭақәа раамҭа» («Время счастливых находок»);
- Аноминациа «Иреиӷьу арадиоматериал» аҿы аиааира лгеит Елана Лашәриаԥҳа;
- Аноминациа «Иреиӷьу афоторепортаж» аҿы адипломқәа ранашьахеит Анна Гречкои Мариа Горскаеи;
- Иреиӷьу афотосахьақәа рзы адиплом ианашьахеит Владимир Попов.
